АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ромбудсменцәа Анас Қьышьмариеи Татиана Москальковеи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит аԥснытәи аомбудсмен лсаит.
Қьышьмариа лажәақәа рыла, аҩганк рзы ихадоу азҵаарақәа иреиуоуп аинформациа-рккаратә усура, азакәанԥҵарақәа реиӷьтәра, азинхьчаратә институтқәа рыбжьара аусеицура, амчреи ауаажәларреи рыбжьара адиалог абжьаҵара.
"Ҳара ҳшәықәгәыӷуеит жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәа раан Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчара аус аҟны адгылара ҳашәҭоит ҳәа, ҳара ҳаппарат аусзуҩцәа рыквалификациа аизырҳара иазку апрограммақәа ирылахәхартә ацхыраара рышәҭоит ҳәа", - лҳәеит Анас Қьышьмариаԥҳа.
Аганқәа алацәажәеит Аԥсны аграждантә уаажәларра аинститутқәа рышьақәгылара, Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ лофис аусушьа, урҭ рԥышәа рымадара, иара убас ҩганктәи аиԥылара алыршара азҵаарақәа.
Уи адагьы, Москалькова Қьышьмариаԥҳа даалыԥхьеит 2023 шықәса жьҭаарамзазы имҩаԥысраны иҟоу Аомбудсменцәа Евразиатәи ралианс аилатәара ахь.