АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ҩыџьа Ҭаџьықьысҭан атәылауаҩҳәсақәа - Нулифар Бозоровеи Маидагул Рахимовеи - ахара рыднаҵеит анаркотик рацәаны иаладырҵәон ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
22 шықәса зхыҵуа Нулифар Бозорова иҟалҵаз азы лҿы лықәшаҳаҭхеит. Лара 15 шықәса азеиԥш режим аҿы аҭакра лықәырҵеит, иара убас аҳәынҭқаррахь 600 нызқь мааҭ ахараԥса алалҵароуп.
45 шықәса зхыҵуа Маидагул Рахимова акгьы лхарам ҳәа илыԥхьаӡоит, ларгьы 15 шықәса азеиԥш режим аҿы аҭакра лықәырҵеит, иара убас аҳәынҭқаррахь 700 нызқь мааҭ ахараԥса алалҵароуп.
Рахимовеи Бозоровеи гәҩарас ирыманы иааныркылеит ҵыԥх цәыббрамзазы. ДАра анаркотик аладырҵәон амаӡа ҭыԥқәа рҿы аилаҳәарақәа шьҭаҵаны. Ианеимырдоз, 11,14 грамм аметадон рыдырбалеит.