Аԥсны

Едуард Быҭәба Аԥсны амедицина аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Амедицина аусзуҩ имш есышықәса иазгәарҭоит рашәарамза ахԥатәи амҽышазы - 2023 шықәса рзы уи рашәара 18 иақәшәеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны амедицина аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Аковид ҳанаҿагылаз аамҭа иаҳнарбеит амедикцәа зегьы иазхианы иҟазар шакәу, аҳақьымцәеи, амедиаҳәшьцәеи, асанитарҳәсақәеи рыжәҩахыр закәытә еидароу иақәу. Иахьа адунеи аҿы иҵегьы ауадаҩрақәа ыҟоуп, аха ҳмедицинатә уаажәларра ҳтәылауаа ргәабзиара ахьчараҟны игылоуп. Иҭабуп ҳәа шәасҳәар ҳҭахуп шәџьабаазы, агәабзиара шәзеиӷьасшьоит!" - иҳәеит Быҭәба.

Агәабзиарахьчара аминистр быжьҩык аҳақьымцәа иранеишьеит аусбарҭатә медальқәа "Аџьынџь агәабзиарахьчараҟны алагалазы", даҽа 15-ҩык иранашьан аусбарҭатә медальқәа "Агәабзиарахьчараҟны зҽалызкааз".
Едуард Быҭәба Аԥсны амедицина аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит