Урыстәыла

Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла "анефҭи агази ргәыр канажьуа" ишалагаз

Урыстәыла ахада далахәуп Санкт-Петербург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аекономикатә форум.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Урыстәыла иаҳа-иаҳа анефҭи агази ргәыр кажьуа иааиуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәараҿы.
"Игәоумҭар залшом анефҭи агази иреиуам арҳамҭақәа шеизҳауа - ажьырныҳәеи лаҵарамзеи рзы урҭ 9,1% рыла ирыцлеит, уи ҳаззыԥшыз аасҭагьы еиҳауп. Убри аан лаҵарамзазы аизҳара атемп иартәеит 28,5%. Уи иаанаго, ҳреалтә економика, ахәаахәҭра, амаҵзурақәа русхк аизҳара иаҿуп ауп", - иҳәеит атәыла ахада.
Владимир Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарреи абизнеси илырхыз аекономикатә стратегиа аус ауит, ихырҳагоу амакроекономикатә тенденциақәа еиҳа-еиҳа ирыцлоит ҳәа. Иара иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс аҩбатәи аԥшьбарак даара иуадаҩын, аха сынтәа мшаԥымзазы Урыстәыла азеиԥш хашәалахәы иазҳаит 3,3%, рыла, ари аизҳара шцац ицоит.