АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Украина Арбџьармчқәа уахыки-ҽнаки рыла 400-ҩык асолдаҭцәеи афицарцәеи ацәыӡит Донецктәии Алада-Донецктәии ахырхарҭақәа рҿы, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Времевтәи ахықә аҿы Ровнополеи Урожаиное рраион аҿы аибашьра ӷәӷәа цон, уа аӷа ижәыларақәа хәба аанкылан. Уахыки-ҽнаки рыла 200-ҩык украинатәи аруаа, хә-танкк, ашьаҟауаа реибашьыгатә машьынақәа, ԥшь-автомобильк, ԥшь-автомобильк, аминаршәгатә батареиақәа ҩба.
Аӷа ижәыларақәа даҽа хәба аанкылан Донецктәи ахырхарҭаҿы. Уа иҭархан УАМ асолдаҭцәа 215-ҩык рҟынӡа, акәылӡымашьынақәа хԥа, хә-автомобильк, ҩ-гаубицак Д-20, аҵакыратә тәылахьчара иатәуп 109-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адиверсиатә гәыԥқәа ҩба, иҭархоуп 45-ҩык аруаа, акәылӡымашьынақәа ҩба, хә-автомобильк, артиллериатә система М777.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы Киев уахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит 65-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-кәылӡытранспортиорк, ҩ-пикапк, ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Акациа", агаубица Д-30, Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 30-ҩык аруаа, пять автомобилей, гаубицу "Мста-Б", артиллериатә система М777.
Урыстәыла оператив-тактикатә, арратә авиациа, аракетатә архәҭақәа, артиллериа уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит украинатәи артиллериатә ҟәшақәа 96, аруаа, арратә техника 104 раион рҟны.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә снариадқәа ԥшьба ԥжәан, икажьын украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 22.
Зынӡа аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоуп 444 ҳаирплан, 238 вертолиот, 4652 аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа, 426 азенит ракетатә комплекс, 10018 танки даҽа еибашьыга кәылӡтәы машьынеи, аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа реибашьыга машьынақәа 1124, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи 5128, иара убас иҷыдоу арратә автомобилтә техника 10983 ак.