Урыстәыла

Владимир Путин Украина Арбџьармчқәа ржәылара ахҳәаа аиҭеит

Уаанӡа атәыла ахада иҳәахьан Киев ацәыӡқәа рацәаны иахьамоу аконтржәылара рашәара 4 рзы ишалагаз.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Украинатәи Арбџьармчқәа аконтржәылара қәҿиара ҳәа акгьы амам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәараҿы.

"Есыҽны украинатәи атехника аҭахара ишаҿыц иаҿуп. Иахьатәи аамҭазы украинатәи ар ирцәыӡхьеит 186 танк раҟара, еиуеиԥшым аклассқәа иртәу 418 кәылӡымашьына. Аруаа ртәы сҳәаӡом, Атәылахьчара аминистрра рхала ирҳәарц азы", - иҳәеит Путин.

Иара иажәа иацҵо иҳәеит Украина хара имгакәа ахатәы техника ахархәара иаҟәыҵуеит, избанзар "акгьы азаанхаӡом" ҳәа.
Убри аан, украинатәи асолдаҭцәа злеибашьуа абџьар анҭыҵынтә иаауеит иҳәеит Путин, избанзар мраҭашәаратәи атәылақәа ирылшо зегь ҟарҵоит Урыстәыла аибашьра адәаҿы иаҵахарц азы, избанзар уи астратегиатә ҵакы амоуп.
Урыстәыла
Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла "анефҭи агази ргәыр канажьуа" ишалагаз