Арадио

Аҳақьым ианашьаз амедал азы: аҭакԥхықәра сыднаҵоит ачымазцәа рҿаԥхьа

Sputnik
Амедицина аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа аламҭалазы агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба быжьҩык аҳақьымцәа иранеишьеит аусбарҭатә медалқәа "Аџьынџь агәабзиарахьчараҟны алагалазы", даҽа 15-ҩык иранашьан аусбарҭатә медалқәа "Агәабзиарахьчараҟны зҽалызкааз". Урҭ дреиуоуп аҳақьым - ауролог Давид Смыр. Иара арадио Sputnik аефир аҟны ицәажәараан иазгәеиҭеит иусура ахәшьара бзиа ахьарҭаз агәахәара шинаҭо.
"Сусура ас ахә ахьыршьаз иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп агәабзиарахьчара аминистрра. Ари ҭакԥхықәроуп са сзы ҳажәлар рҿаԥхьа, ачымазцәа рҿаԥхьа", - иҳәеит Смыр.
Аҳақьым убасгьы еиҭеиҳәеит изанааҭ шалихыз, шаҟа аамҭа аус иуа, изанааҭ иацу акәамаҵамақәа ртәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Амедицина аусзуҩ имш есышықәса иазгәарҭоит рашәарамза ахԥатәи амҽышазы, сынтәа уи рашәара 18 иақәшәеит.