Аԥсны

Аӡбарҭа Лыхнашҭа игылоу аҭәаҵла ԥызҟаз иус иахәаԥшраны иҟоуп

Аҭоурых шаҳаҭс измоу Лыхнашҭа игылоу аҭәаҵла абылтәы хьархьла иԥырҟеит 2023 шықәса мшаԥы 5 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 17- Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа Лыхнашҭа аҭәаҵла ԥиҟеит ҳәа агәҩара ззыҟоу Иракли Багаҭелиа иганахьала ашьаус иахәаԥшраны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аҭоурых шаҳаҭс измоу Лыхнашҭа игылоу шәышықәсеи бжаки ирықәлоу аҭәаҵла абылтәы хьархьла иԥырҟеит 2023 шықәса мшаԥы 5 рзы. Ари ахҭыс ала ашьаус хацыркын.
Аԥсны
Аԥсны ахада Лыхнашҭатәи аҭәаҵла даҭааны ибеит
Аҵла изакәанымкәа иԥырҟеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны иааныркылеит ҩыџьа атәылауаа – Ираклии Даури Багаҭелиаа. Ари ахҭыс даҽа џьоукгьы алахәуп ҳәа ирҳәоз аҿаԥырҽит атәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.
Аҭәаҵла ианырҵаз аԥҟарсҭақәа рыҵаулара 15 - 20 сантиметра. Аекологцәа ирылшоз зегь ҟарҵеит аҵла аиқәырхаразы - ашьапы ԥымҵәаразы аихатәы хыцқәа алаҵаны еибадыркит, аҿарахқәа бжьаҵаны еиқәиааиртә иҟарҵеит, иара убас Китаинтәи ахәшә ааганы кәармала иалалартә иҟарҵеит. Ари ахәшәтә Китаи Ақыҭанхамҩа аинститут аҿы иҟарҵеит, Аԥсныҟа аагараҟны ацхыраара ҟаиҵеит ара инхо Китаи атәылауаҩ.
Арадио
Ҷыҭанаа Китаинтәи аҭәаҵлазы иаагоу ахәшә иазкны: агәыӷра узҭо акәны иҟоуп