Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Анқәаб агазеҭ "Аԥсны" аԥеиԥш иазкны

Агазеҭ "Аԥсны" аредактор хадас дҟаҵоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Ахра Анқәаб. Арадио Sputnik аефир аҿы дырзааҭгылеит инапы злаикуа аус ҿыц аҟны игәҭакқәеи инапынҵақәеи ртәы.
Sputnik
Агазеҭ иамоу аҵакы еилкааны, уи ахаҿра мыӡратәы, есааира еиӷьхартә азы мҩақәак азгәаҭоуп иҳәеит Ахра Анқәаб. Аредактор ҿыц иажәақәа рыла, аредакциа аусзуҩцәа зегьы рҭыԥ аҿы иаанхоит, аха убри аан агазеҭ аҟны аусуразы аҿар адыԥхьалатәуп ҳәа.
"ААУ аҿы иаԥҵоуп ажурналистика аҟәша, аушьҭымҭацәагьы маҷҩым, аха дара раӷьыраҩык агазеҭ ахь инеиӡом. Ҳдоуҳа иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы ҳҿар адыԥхьалатәуп, аҿар рнапы ианҵатәуп агазеҭ амҩақәҵашьа, мамзар, мышкымзар мышкы, иҳампыҵыӡӡаар алшоит. Ихадароу зҵаароуп аҿар аредакциахь рааԥхьара", – иҳәеит Анқәаб.
"Аԥсны" аредактор хада ҿыц дазааҭгылеит агазеҭ аҿы икьыԥхьхо аматериалқәа ртәы, уи аԥхьаҩцәа аднаԥхьалартә еиԥш ишибо. Иҳәеит игәаанагара, иахьа аԥсышәала ицәажәо агазеҭ аҭыжьра аҭахны изыҟоу, егьырҭ илассу амассатә информациатә хархәагақәа аныҟоу аамҭазы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.