20 шықәса раԥхьа Аԥсны аршәы аҟаҵара иалагеит. Анаплакы аус ауеит аԥхын аамҭазы, аханатә уаҟа х-хкык ҟарҵозҭгьы, иахьа аа-хкык ҭрыжьуеит иҳәеит аиҿцәажәараҿы Габлиа.
"Ҳхы иаҳархәо амарҭхәқәа реиҳарак Белоруссиантәи иааҳгоит. Иаанхаз, европатәи аалыҵқәоуп, урыстәыла иҟоу рфилиалқәа рҟынтә иааҳгоит. Иҟоуп рыхәқәа иахьацлаз, иҟоуп аԥынгылақәа ахьыҟоу амарҭхәқәа раагаразы", - азгәеиҭеит иара.
Габлиа иҳәеит аршәыҟаҵара атехнологиа шырымԥсахуа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.