Арадио

Анқәаб еиҭеиҳәеит Аҟәа аӡымҩангагақәа лассы-лассы рыԥжәара зыхҟьо атәы

Аҟәатәи Аӡыршьҭра анџьныр хада Мираб Анқәаб арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, аҳҭнықалақь аҿы лассы-ласс аӡы аҟамзаара зыхҟьо, аргылара ҿыцқәа ныррас иҟарҵо, иаадкыланы аӡтәы ресурс зеиԥшроу.
Sputnik
Лассы-ласс аиха иалху аӡымҩангагақәа ԥжәоит, уи ауп аҵыхәтәантәи ҩымчабжь аӡы зыҟамызгьы ҳәа азгәеиҭеит аицәажәараҿы Анқәаб.
"Аӡы шааиуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа узрылагаӡом. Ҩымчыбжь рыҩнуҵаҟа ирацәан аԥжәарақәа. Ҳаргьы аӡы анаанаҳкыло иҟоу ауадаҩрақәа зегьы иаразнак ала иаԥаҳхарц ҳҭахуп. Нас еиҭа ауаа ӡыда иаанымхарцаз. Аӡы анаанкылаха аашьҭыхь аусурақәа иаразнак ҳазрылагом. Аӡы ҭыкәкәароуп. Уи ирацәаны аамҭа аҭахуп. Зны-зынла 16 сааҭ анаҭаххогьы ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Аҳҭнықалақь ӡыла аиқәыршәара азҵаара атәы далацәажәо иҳәеит аӡиас дуқәа Кьалашәыри Гәымсҭеи ақалақь зегь шеиқшнаршәо. Аԥхынтәи аамҭазы дара аҭабара иалагоит, убысҟан ауадаҩра цәырҵуеит акәымзар, уи нахыс ӡыла аиқәыршәаразы уадаҩра ыҟаӡам ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Аҟәатәи Аӡыршьҭра анџьныр хада еиҭеиҳәеит, аҳҭнықалақь аҿы иазгәаҭан иҟоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, иарбан мҩадуқәоу ӡыда иаанхо.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.