Аԥсны асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩцәа амшынӡы гәарҭоит есымчыбжьа лаҵарамза аҩбатәи азбжа инаркны жьҭаарамза азбжанӡа. Есышықәса имҩаԥысуа агәаҭарақәа ҽыԥсахрақәас ирымоу, рлыҵшәақәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩы Викториа Барцыцԥҳа.
Амшынӡы ацқьара егьырҭ ашықәсқа рзы ишгәаҳҭоз еиԥш игәаҳҭоит, уажәтәила амшын абактериақәа рыла иҟьшьуп ҳәа ҳазҳәаӡом, аҽыкәабара бзиа избо изыцәшәо ҳәа акгьы ыҟаӡам ҳәа азгәалҭеит аицәажәараҿы Барцыцԥҳа.
"Амшынӡы ааргоит есымчыбжьа 14 ҭыԥ рҟынтә, Кьалашәыр инаркны Алашарбага аҳабланӡа. Излаарго аԥаҭлыкақәа цқьазароуп, урҭ ҳара иаҳтәуп. Аӡы ааргаӡом ақәа анлеиуа, амшын аныцәқәырԥо амшқәа рзы", - ҳәа лҳәеит асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩы.
Викториа Барцыцԥҳа иара убасгьы еиҭалҳәеит, амшынӡы замхажәуа ицәеижь ишаныруа, Каховтәи арыцҳара иахҟьаны ҳамшынӡы аҭагылазаашьа атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.