Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

"Пятнашка" Урыстәыла атәылахьчара аминистрреи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин абҵара 4 2022 шықәсазы азакәан инапы аҵеиҩит ахатәгәаԥхаҩцәа аррамаҵзурауаа ишраҟаратәхо, азинҷыдеи асоцшәарақәеи шроуа азы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Милаҭрацәала еилоу "Пятнашка" Урыстәыла атәылахьчара аминистрреи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Абри атәы аанацҳауеит "Пятнашка" аофициалтә Telegram-канал аҟны.
Уаанӡа, аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рыҟны хатәгәаԥхарала еибашьуа агәыԥқәа зегьы, ԥхынгәы 1 2023 шықәсанӡа атәылахьчара аусбарҭеи дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵароуп ҳәа адҵа инапы аҵеиҩхьан Сергеи Шоигу. Ари аиқәшаҳаҭра иалнаршоит агәыԥқәа "иахәҭоу азинтә ҭагылазаашьа" рыҭареи "рҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа рынагӡараҿы, иаӡәыкны еиҿкаарыла реиқәыршәара" алыршареи.
Милаҭрацәала еилоу "Пятнашка" алахәуп Донбасс ахақәиҭатәразы Урыстәыла имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда. Агәыԥ иалан еибашьуеит аԥсуа еибашьцәагьы. Дҵаҟаҵаҩс дрымоуп Ахра Аҩӡба.