Аԥсны

Ауаҩы аамҭала иаанкыларҭаҿы иҭакыз иԥсра инамаданы Аҟәа апрокуратура агәаҭара мҩаԥнагоит

Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла, ирыдыркыланы иҟоуп ашьаусԥшааратә ӡбамҭа, насгьы инарҭбаау адырраҭара ҟарҵоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аҟәа апрокуратура Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Ауаҩы аамҭала иаанкыларҭа №12 аҿы иҭакыз Руслан Агрба иԥсра инамаданы агәаҭара мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп Агрба иԥсыбаҩ аанкыларҭа акамераҿы рашәара 19 рзы ишырбаз иҽишьит ҳәа агәҩара рыманы.
Уаанӡа рашәара 16 рзы Руслан Агрба даанкыланы Ауаҩы аамҭала иаанкыларҭаҿы дыҩнаркит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 224 ахәҭа 3 апункт "в" ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас дрыманы ("Анаркотикатә маҭәашьарқәа, апсихотроптә маҭәашьарқәа ма урҭ раналогқәа изакәанымкәа рыҟаҵара, аус рыдулара, раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, аҭира хықәкыс иҟаҵаны џьара рышьҭра").
Рашәара 19 рзы Аҟәатәи аӡбарҭа ишаӡбаз ала, иара дырбаандаҩын.