Арадио

Ҳагба Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы: ииашаны хҭыс дуны иҟалоит

Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵарҩит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгареи наҟ-наҟ аусуреи ирызку аинвестициатә проект анагӡаразы аиқәшаҳаҭра. Ари ахҭыс арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа аиҭеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Sputnik
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгаразы аиқәшаҳаҭра гәахәарыла иудукылаша хҭысхеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба.
"Аԥсны аекономикатә еизҳара ҳаналацәажәо, ихадоу аинфраструктуратә проектқәа мӡбакәа Аԥсны аҿиара аиуран иҟаӡам. Урҭ рыда аимадара Урыстәылеи ҳареи иҳауӡом иҳаракны. Аҳаирбаӷәаза, амшын баӷәаза, аихамҩа, арҭ зегьы реиҭашьақәыргылара ҳара ҳамч ахаан иақәхаӡом. Ара иалагалатәуп ахатә малқәа, Урыстәылатәи. Аԥснытәи аинтересқәа ртәы ҳалацәажәозар, аполитика наҟ ҳнахан, ари ииашаны хҭыс дуны иҟалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Иазгәаҭатәуп, Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы иҳалымшо даара ишырацәоу, арҭ азҵаарақәа рыӡбараҿы ҳара иҳадаҳкылароуп Урыстәыла иҳаднагало алшарақәа ҳәа иҳәеит аполитолог.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.