Аԥсны

Чаӷрыԥшь адгьылҳәазара ашьҭахь арыцқьарақәа ирылагеит

Гагра араион аҿы рашәара 13-14 руха ақәаршҩы бааԥс иахҟьаны аӡымҭҟьар леит, уи ареспубликатә мҩадуи аихамҩеи аԥхасҭа рынаҭеит, сасааирҭак ашҭаҿы игылаз азеиԥшнхарҭа ықәнагеит, ҩнқәак ирыжәлеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Чаӷрыԥшь адгьылҳәазара ашьҭахь арыцқьарақәа ирылагеит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
"Аусурақәа мҩаԥнагоит Ақалақь анхамҩа аусбарҭа. Акымкәа-ҩбамкәа атехника ҷыда адгалоуп. Излаҳаԥхьаӡаз ала, зқьи бжаки раҟара аидарамҩангага машьына хаҳәмҿыхә ықәгатәхоит", - иҳәеит иара.
Ҵышәба иажәақәа рыла, аҩнқәеи ашҭақәеи рахь иаанагаз аҳәынҵәеи ахаҳәи еилаланы аҿыгҳара хәба-быжьба метра инаӡоит.
Аусурақәа анхыркәшахо макьана еилкаам
Гагра араион аҿы рашәара 13-14 руха ақәаршҩы бааԥс иахҟьаны аӡымҭҟьар леит, уи ареспубликатә мҩадуи аихамҩеи аԥхасҭа рынаҭеит, сасааирҭак ашҭаҿы игылаз азеиԥшнхарҭа ықәнагеит, ҩнқәак ирыжәлеит.
Аԥсны
Ҵышәба еиҭеиҳәеит Гагра амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа шаԥырхуа