Урыстәыла

Шоигу аҳәамҭа ҟаиҵеит Киев Урыстәыла ракетала иажәларц агәы ишҭоу

Украина аоперациа ҷыда аҳәаақәа рыҩнуҵҟа иҟам аобиектқәа ааха рынаҭар, Урыстәыла иаразнак уи аҭак рынаҭоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина Арбџьармчқәа Урыстәыла, Ҟрымгьы убрахь иналаҵаны, ракетала иажәларц агәы ишҭоу. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

"Иҳамоу адыррақәа рыла, Украина Арбџьармчқәа Урыстәылатәи Афедерациа, Ҟрымгьы убрахь иналаҵаны, иажәларц агәы иҭоуп аракетақәа HIMARS-и Storm Shadow-и рыла", - иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит Украина аоперациа ҷыда аҳәаақәа рыҩнуҵҟа иҟам аобиектқәа ааха рынаҭар, уи иаанаго Еиду Америкатәи аштатқәеи Британиа Дуи аимак ишиашоу ралагалара ауп, усҟан "Урыстәыла хымԥада Украина аӡбамҭақәа ахьрыдыркыло ацентрқәа иаразнак ааха рынаҭоит".
Шоигу иажәақәа рыла, УАМ рашәара 4 инаркны 263-нтә Донецктәи, Алада-Донецктәи, Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы ажәыларақәа аԥшьыргахьеит, аха урҭ зегьы аԥырҟәҟәаан.
Урыстәыла
Владимир Путин Украина Арбџьармчқәа ржәылара ахҳәаа аиҭеит