Арсоу иаб Низамиҭин Хәаԥшыхә Аԥсныҟа дхынҳәит аибашьра ашьҭахь. Иара иан дҟабарда ҭыԥҳан, иаб даԥсыуан. Шьҭрала иахьатәиу азҵаара атәы Арсоу иҽазҵәылхны иҭиҵааит, аҵыхәтәаны еилкаахеит, дшабаӡыху. Арсоу арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит ишьҭра шьҭиҵаауаз атәы.
Арсоу Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа даушьҭымҭоуп, убраҟоуп аԥсуа хәшҭаара ахьыҟоу, акультура абзиабара ахьыскыз ҳәа азгәеиҭеит иара аиҿцәажәараҿы. Уажәы иара аҳәынҭқарратә ансамбль аҿы дкәашоит. Акәашара бзиа избоит, сыԥсы ахьысшьо ҭыԥуп, иҳәеит арадиоефир аҿы. Арсоу еиҭеиҳәеит асоциалтә ҳаҿы иаԥҵаны имоу 80 нызықь-ҩык анапаҵыҩцәа ахьыҟоу идаҟьа атәы.
Арсоу иҳәеит игәаанагара, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәуа ара аԥсҭазаара алаҵәара иаҳа ирцәыуадаҩуп ҳәа изиԥхьаӡо.
"Уажәы ауаҩы изы ихадоу иара иԥсҭазаара акәхеит. Доусы ихы дазхәыцуеит. Ҳаидызкыло Аԥсны мацара акәхеит. Абызшәа – сгәы снархьуеит иахьысҳәогьы, ус еиԥш иҟам", - ҳәа иҳәеит Арсоу.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.