Аԥсны

Арсоу Хәаԥшыхә: аҩнытәи ҳбызшәа аԥсышәоуп

Sputnik
Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы, Ҭырқәтәылантәи зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз Низамеҭҭин Хәаԥшыхә иԥа, Аԥсны ииз, ара аҵара зҵаз, Аԥсуа жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль иалоу, Аԥсны асоциалтә ҳақәа рҿы адаҟьа аԥҵаны измоу, акыр аусмҩаԥгатәқәа ирылахәу арԥыс Арсоу Хәаԥшыхә.
Ишәыдаагалоит Арсоу Хәаԥшыхә ихылҵшьҭреи, иаб Аԥсныҟа дшааз, рҭаацәара рыԥсадгьыл аҿы ирыԥсҭазаашьоу, инапы злакқәоу аусқәа уҳәа ирызку астудиаҟнытәи авидеонҵамҭа.