Аԥсны

Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара иазҳаит ҵыԥх аасҭа

Атуризм аминистр ихаҭыԥуаа Асҭамыр Барцыци Дмитри Занҭариеи цаны аҳазалхратә гәаҭарҭа "Ԥсоу" аиҳабы Алиас Хышбеи Агәаҭарҭа-аушьҭратә ҭыԥ аиҳабы Вадим Папцааи ирацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Агәаҭарҭа-аушьҭырҭа "Ԥсоу" иахысуа ашьаҟауаа рхыԥхьаӡара 17% рыла иацлеит , атранспорттә хәҭа иахысуа - 12% рыла, абри азы адырра ҟаиҵеит агәаҭарҭа аиҳабы Вадим Папцаа. Абри атәы аанацҳауеит Атуризм аминистрра апресс-маҵзура.
"Ҵыԥх уажәааны уахыки-ҽнаки рыла 66 нызқьҩык рҟынӡа ауааи 12 нызқь транспорттә хархәагеи анахысуаз ыҟан. Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа уахи-ҽни аус руеит. Иҟалалоит сааҭла ианзеилымсуа, агәаранқәа аныҟоу. Реиҳа ианырацәаӡоу аамҭазы ҩ-сааҭк ахысра ианадхало ыҟоуп, уажәы - 40 минуҭ рҟынӡа", – иҳәеит иара.
Папцаа иажәақәа рыла уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахысуеит 28 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыреи хә-нызқь рҟынӡа автомашьынақәеи. Иаартуп ҩ-гәаҭарҭак - ҩба иҭало рзы, ҩба - иалҵуа рзы. Агәаранқәа аныҟалало, иҵегьы агәаҭарҭақәа аадыртуеит.
Вадим Папцаа иазгәеиҭеит, аушьҭырҭа-гәаҭарҭа уадаҩра хадас иамоу - аштат аҿы иҟоу аусзуҩцәа разымхара шакәу, урҭ еиҳарак иазхом ашьыжь шаанӡа, аԥсшьаҩцәа аекскурсиақәа рзы ианиарго. Уажәы уахыки-ҽнаки рыла агәаҭарҭаҿы аус руеит 25-28-ҩык ауаа.