Аԥсны

Гагра ԥхынгәымзазы реиҳа аԥсшьара ахьырҭаху 10 хырхарҭак иреиуоуп

Гагра ажәбатәи аҭыԥ ааннакылеит Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Петербург иҟоу акурортқәа рышьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Гагра ԥхынгәымзазы реиҳа аԥсшьара ахьырҭаху 10 хырхарҭак иреиуоуп ҳәа аанацҳауеит асасааирҭақәеи ауаҭахқәеи раанкыларазы амаҵзура Tvil.ru.
Аԥснытәи акурорт ажәбатәи аҭыԥ ааннакылеит, бжьаратәла, Гагра аԥсшьаразы атурист уахык ала инихуеит 4084 мааҭ.
Ареитинг аҿы аԥхьагылара рымоуп Шәачеи Анапеи - уа заанаҵы аҭыԥқәа ааныркылеит 23-и 12% еишьаршәаланы. Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Санкт-Петербург, уи 6% иалырхит.
Реиҳа зыхә мариоу хырхарҭақәахеит Еиски Феодосиеи - уа аԥсшьара уахык азы 3028 мааҭ нырхуеит. Реиҳа аԥсшьара ахә цәгьоуп Иалта - уа аԥсшьарҭа бжьаратәла 4473 мааҭ иартәоит.