Арадио

Гәынба "Пицунда" аҭааҩцәа рзы: иахьа уажәраанӡа иааз рхыԥхьаӡара еиҳа еиӷьхоз џьаҳшьон

Аԥсшьарҭатә коплекс "Пицунда" аиҳабы Фрикан Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит раԥхьатәи аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, ҳаԥхьаҟа иззыԥшу, асасааирҭақәа асасцәа рыдкылара рыҽазыҟарҵаз атәы.
Sputnik
Иахьа уажәраанӡа зыԥсы зшьо рхыԥхьаӡара еиҳа еиӷьхоз џьаҳшьон, аха ихьысҳахеит амш иахҟьаны ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәынба. Иара еиҿирԥшит аҵыхәтәантәи ҩышықәсеи сынтәеи ахыԥхьаӡарақәа.
"Иҭиу аԥхьаҟа даара ибзиоуп. Атуроператорцәа излаҳарҳәо ала иааиуа хымз аԥсшьаҩцәа ибзиан ҳарзыԥшуп", - ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Аԥсшьарҭатә коплекс "Пицунда" аиҳабы еиҭеиҳәеит, ахыбрақәа аиҭарҿыцразы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы, аусурақәа рымҩаԥгара зыруадаҩуа. Гәынба дазааҭгылеит аӡаҿы ашәарҭадара шеиҿкаау атәы, иҳәеит ишрымоу хаз игоу аусубарҭа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.