Аԥсны

Кохоратәи аргәыц: Аԥсны аголубика аарыхырҭа

2019 шықәса раахыс, асовет аамҭазы ибзианы еицырдыруаз ацитрустә совхоз "Кохора" аа-гектарк аголубика еиҭаҳауп. Иара аԥсуа бренд ала Урыстәылаҟа иршьҭуеит.
Sputnik
Аголубика аиҭаҳара иалагеит 2019 шықәсазы, раԥхьатәи аҽаҩра ҭаргалеит 2021 шықәсазы. 2022 шықәсазы 5-7 тонна аргәыц рыҟәшәеит, сынтәа 35-тонна рҟынӡа аҽаҩра иазԥшуп. Лаҵарамза алагамҭаз зыҟәшәара иалаго аголубика аҽаҩра рнаҭалоит ԥхынгәымза аҽеиҩшамҭанӡа. Хәажәкырамза инаркны цәыббрамзанӡа аргәыц напа адкылан ибатәуп, рҵәыгала еиқәыршәатәуп.
Аголубика анырҟәшәо аҽны аарыхарҭаҽы аус руеит 120-ҩык рҟынӡа. Дара зегьы аҭыԥантәиқәоуп дыҟоуп анхаҩы, арҵаҩы, аҵаҩы, астудент, аҩнԥҳәыс зҳәаз изылшо изҭаху зегьы. Аргәыц аҟәшәараз, ҽнактәи русураз ирзыршәоит 1500 мааҭ.
Анаплакы аалыҵ Урыстәылаҟа ашьҭра иазырхоуп. Кохоратәи аголубика неихьеит Москва, Санкт-Петербург, Краснодар, Шәача.
1 / 18

2019 шықәса раахыс асовет аамҭазы ибзианы еицырдыруаз уаанӡатәи ацитрустә совхоз "Кохора" аҟны аголубика рааӡоит.

2 / 18

26 нызқь шьаҭа инеиҳаны аголубика Польшантәи иааганы 8-гектарк адгьыл аҟны еиҭарҳаит.

3 / 18

Лаҵарамза алагамҭаз зыҟәшәара иалаго аголубика аҽаҩра рнаҭалоит ԥхынгәымза аҽеиҩшамҭанӡа. Аголубика зыҟәшәо аҭыԥантәи ауааԥсыра, еиҳарак аҳәса роуп.

4 / 18

Аргәыц ачықьқәа рҟынтәи иҿырхоит имхьцырцаз цыра-цырала.

5 / 18

Аголубика анырҟәшәо аҽны, аарыхарҭаҽы аус руеит 100-ҩык инареиҳаны.

6 / 18

Дара зегьы аҭыԥантәиқәоуп - анхаҩы, арҵаҩы, аҵаҩы, астудент, аҩнԥҳәыс зҳәаз.

7 / 18

Ҽнактәи русураз ирзыршәоит 1500 мааҭ.

8 / 18

Аҽаҩра аиҳара Урыстәылаҟа ииаргоит, аԥсуа голубика Москва, Питер, Краснодар, Шәача адәқьанқәа рыҟны иҟоуп.

9 / 18

Ахацәа аарыхра адәы аҟны усда иаанхаӡом, дара ихьанҭоу аус нарыгӡоит.

10 / 18

Аусуҩцәа русмш алагоит ашьыжь асааҭ 8:00 рзы, иагьхдыркәшоит асааҭ 17:00 рзы. Амра ашыра иамблырц азын аҳәса рнапқәеи рхыи ҭарҳәҳәоит.

11 / 18

Сынтәа 35-тонна рҟынӡа аҽаҩра иазԥшуп.

12 / 18

Аргәыц арҵәыгақәа рыҭара хымԥадатәиуп иара убас, ааха азҭо ардәынақәа ирцәыхьчатәуп – ҵыԥх тоннаки бжаки аргәыцқәа "рыҟәшәеит" дара.

13 / 18

Аголубика Кохора иахьеиҭарҳаз аҭыԥ даара ианаалеит, иҷыдоу аҳауа аҭагылазаашьа иабзоураны иара заа иҟалоит агәыларатәи Қырҭтәыла аԥхьа.

14 / 18

Ирҟәшәаз аргәыц аҭра маҷқәа ирҭаҵаны аиашьикқәа ирҭарҵоит, анаҩс ацәахырҭахь инаргоит, игәарҭоит џьара ҳацкьынк, гәам-самк аламшәарц азы.

15 / 18

Аарыхра аԥшәма Елана Џьопуаԥҳа занааҭла дзиндырҩуп, акыр шықәса аҳәынҭқарратә усбарҭаҟны аус луан, аха илыӡбеит лус ахырхарҭа лыԥсахырц.

16 / 18

Аҭыԥҳа ишылԥхьаӡо ала, аиԥш зеиԥшу анаплакы ахашәала анаҩсгьы, ҳтәыла мрагыларатәи ахәҭаҟны усурҭа ҭыпла еиқәнаршәоит.

17 / 18

Лассы-ласс ГалиТҟәарчали рраионқәа руааԥсыра аҭыԥан аусурҭа анырмоуллак, ашкол ашьҭахь аӡәырҩы Қырҭтәылаҟа ицоит рҵара иацырҵарц мамзаргьы аусураз.

18 / 18

"Тҟәарчали Гали абас еиԥш иҟоу аилахәырақәа ыҟазҭгьы, анхацәа аусурҭа ҭыԥқәагь роуан, араион иалҵны ицо рхыԥхьаӡарагь маҷхон", - ҳәа лҳәоит Елана Џьопуа.