Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин иҳәеит афронт ацәаҳәаҟны аихсыӷьра украинатәи архәҭақәа ацәыӡқәа ироуз иахҟьоит ҳәа

Алада Донецк, Запорожие, Артемовск ахырхарҭақәа рыҟны Украина ажәылара иалагеит рашәара 4 рзы. Убри аан Украина арбџьармчқәа ихадоу ржәылара Запорожиетәи афронт иахырхарҭан.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. Афронт ацәаҳәаҟны "аамҭала еихсыӷьроуп" украинатәи архәҭақәа техникалеи аруааи рыла иҟоу ацәыӡ ӷәӷәақәа ирыхҟьаны ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин "России 24" аефир аҟны Павел Зарубин аинтервиу иҭо.
"Жәаҳәарада ахысрақәа аҭыԥ рымоуп, аха макьаны ажәыларақәа ҳәа акагь мҩаԥыргаӡом", - иҳәеит иара.
Урыстәыла ахада иҳәеит, Украина арбџьармчқәа ааха ироуз ашьҭахь аҽеидкылара, агәыԥқәа рхарҭәаара иаҿуп ҳәа.
"Иаци иахеи - архәҭақәа ртәы мҳәаӡакәан, ҳаибашьцәа аӷа итанкқәа 245 инықәырԥшы еиуеиԥшым 678 кәылӡмашьынеи еилаԥырххаит", - ҳәа иҳәеит Путин.
Атәыла ахада иажәақәа рыла, иҭархоу атехника рыбжьара иҟоуп атанк Leopard, афранцыз кәылӡтехникеи америкатәи акәылӡмашьынақәеи.
Путин иҳәеит, Украинаа рыгәҭакы ишаԥырхагахаз урыстәылатәи аруаа.
"Ҳаибашьцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи иабзоураны, Урыстәыла аганахь ала иарбан қәыларазаалак залыршахом, дара уи еилыркаауеит, уи азоуп иагьзаангылаз уажәы", - иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.