Аԥсны

Аҟәа иаатит аӡиудо азы “Аиааира Ахраҿа” агаразы XV жәларбжьаратәи аицлабрақәа

Аԥсны араионқәа, Урыстәылеи Белоруссиеи рықалақьқәа рҟынтәи 320 спортсмен злахәу аӡиудо азы “Аиааира Ахраҿа” агаразы XV жәларбжьаратәи аицлабрақәа мҩаԥыслоит рашәара 22 - 24 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Рашәара 22 рзы Аҟәа иаатит аӡиудо азы “Аиааира Ахраҿа” агаразы XV жәларбжьаратәи аицлабрақәа.
Аицлабрақәа рмаӡаныҟәгаҩ хада Ирена Адлеиаԥҳа лажәақәа рыла, атурнир иалахәуп 320–ҩык аҭыԥҳацәеи арԥарацәеи, зынӡа иҟоуп 15 команда.
"Аԥсны араионқәа, Урыстәылеи Белоруссиеи рықалақьқәа рҟынтәи 320 спортсмен алахәуп", - лҳәеит лара.
Аицлабрақәа рыпрограмма хымшны еихшоуп: рашәара 22 рзы еицлабуеит 2007-2009, 2010-2011 шш. рзы ииз, рашәара 23 рзы - 2012-2013 шш. рзы ииз, рашәара 24 рзы - 2014-2015 шш. рзы ииз арԥарцәеи 2007-2009 шш., 2011-2012 шш. рзы ииз аҭыԥҳацәеи рыбжьара аицлабрақәа мҩаԥысуеит .
1 / 9

Аӡиудо азы “Аиааира Ахраҿа” агаразы XV жәларбжьаратәи аицлабрақәа

2 / 9

Аӡиудо азы “Аиааира Ахраҿа” агаразы XV жәларбжьаратәи аицлабрақәа

3 / 9

Аӡиудо азы “Аиааира Ахраҿа” агаразы XV жәларбжьаратәи аицлабрақәа

4 / 9
XV Международный турнир по дзюдо среди юношей и девушек "Кубок Абхазии"
5 / 9
XV Международный турнир по дзюдо среди юношей и девушек "Кубок Абхазии"
6 / 9
XV Международный турнир по дзюдо среди юношей и девушек "Кубок Абхазии"
7 / 9

Аӡиудо азы “Аиааира Ахраҿа” агаразы XV жәларбжьаратәи аицлабрақәа

8 / 9

Аӡиудо азы “Аиааира Ахраҿа” агаразы XV жәларбжьаратәи аицлабрақәа

9 / 9

Аӡиудо азы “Аиааира Ахраҿа” агаразы XV жәларбжьаратәи аицлабрақәа

Жәларбжьаратәи аицлабрақәа мҩаԥыслоит рашәара 22 - 24 рзы Аҟәатәи ахәыҷы-қәыԥштә спорт школ аҟны. Атурнир еиҿкаауп Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы, Аҟәа ақалақь аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа, Аԥсны асамбои аӡиудои рзы Афедерациа рыдгыларала. Аспонсор хада - "Амра-банк".
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит атаитә бокс азы ақалақь ачемпионати аԥхьахәгареи