Аԥсны

Аԥсны даҽа ԥсшьарамшык рылаҳәоуп

Кәырбан-баирам (ҭырқәшәала) ма Ид аль-Адха (араб бызшәала) - ашьтәашьыра ианыҳәоуп, аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа иреиуоуп. Сынтәа уи рашәара 28 иақәшәоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аԥсны даҽа ныҳәатә ԥсшьарамшык рыларҳәеит рашәара 28 рзы.
Ари аҽны ареспубликаҿы иазгәарҭоит Кәырбанныҳәа.
Кәырбан-баирам – аԥсылман ныҳәа хадақәа ҩба ируакуп, иара иаанаго Меккаҟа ахаџьра ахыркәшара ауп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵуаны, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза 10-тәи амш аҽны. Аныҳәа хԥа-ԥшьба мшы ицалоит.