Аԥсны

Аԥсны ихацыркуп Белгородтәии Херсонтәии аобластқәа рзы агуманитартә цхыраара аизгара

Аԥсны аҿар р-Ассоциациа урыстәылатәи акциа "Ҳара ҳаӡәыкуп" иадгылеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik. Аԥсны аҿар р-Ассоциациа "Аԥеиԥш" алаҳәара ҟанаҵеит Белгородтәии Херсонтәии аобластқәа руааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аизгара ишалаго. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит “Аԥеиԥш” анапхгаҩы Адель Какәбаа.
"Аԥсны аҿар р-Ассоциациа урыстәылатәи акциа "Ҳара ҳаӡәыкуп" иадгылеит, Белгородтәии Херсонтәии аобластқәа руааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аизгара иалагеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ацхыраара аизгара иалагеит рашәара 22 рзы. Ирыдыркылоит еиҳа зыда ԥсыхәа ыҟам афатә, аӡыржәтә, амаҭәа ҿыц. Агуманитартә цхыраара рыдыркылоит: ақ. Аҟәа, Арӡынба имҩ., 161, есыҽны асааҭ 10:00 - 17:00.
Макьаназ аиҿкааҩцәа ирыздырам акциа ахьынӡамҩаԥысуа, уи атәылауаа рактивра иахьыԥшуп. Агуманитартә цхыраара аҭыԥ ахь анагараҿ адгылара ҟарҵоит Аԥсны АҶА, Шәачатәи Ассоциациа апартниорцәа.
Рашәара 6 рзы украинатәи аруаа Каховтәи ГЕС иаиеихсит. Херсонтәи аобласт ауааԥсыра аӡы хыҵны ирыҵалеит. Рҭыԥ иахыган аа-нызқьҩык инареиҳаны ауаа, иҭахеит 35-ҩык.
Белгородтәи аобласт аҿы 2022 шықәса мшаԥы 11 раахыс атеррористә шәарҭара ҳарак рылаҳәоуп. Ари арежим алагалоуп украина-урыстәылатәи аҳәааҿы аҭагылазаашьа ахьшәарҭоу инамаданы. Аобласт иалыргахьеит 40 000-ҩык ауааԥсыра.