Урыстәыла

Патрушев: Урыстәыла Украина аруаа 13 нызқьҩык ҭадырхахьеит, урҭ ажәылара иалагазар аахыс

Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik. Украинатәи аруаа ажәылара иалагазар аахыс 13 нызқьҩык рҟынӡа рцәыӡхьеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушев.

"13 нызқьҩык инареиҳаны иҭахахьеит", - иҳәеит иара, Урыстәыла ахада Владимир Путин имҩаԥигаз Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа реилацәажәараҟны.

Патрушев иажәақәа рыла, арҭ адыррақәа рашәара 4-21 ирыҵаркуеит. Урыстәылатәи аруаа иара убасгьы иҭадырхахьеит 246 украинатәи атанкқәа, урҭ рҟынтәи 13 мраҭашәаратәиқәоуп.