Аԥсны

Урыстәыла АШәМ Мелитополь Украина АШәМ адиверсиатә гәыԥ ааныркылеит

Запорожиатәи аобласт аҟны адиверсантцәа иаздырхион арегион анаплак дуқәа руак ахада иҭархара.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik. Урыстәыла АШәМ Мелитополь Украина ашәарҭадаратә маҵзура адиверсиатә гәыԥ ааныркылеит, урҭ арратә дәыӷбақәа анымҩасуа аамҭазы аихамҩа аԥжәара ргәы иҭан ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ.
"Мелитополь, Украина ашәарҭадаратә маҵзура адиверсиатә гәыԥ ааныркылеит, урҭ Запорожиатәи аобласт иахьаҵанакуаз атеррористтә актқәа мҩаԥыргахьан - аобласт амчрақәа рнапхгаҩцәа еиуеиԥшым аахақәа рырҭахьан, руаӡәк дҭадырхахьан", - ҳәа аҳәоит арелиз аҿы.
Уи адагьы атеррористцәа иазԥхьагәарҭон аихамҩа аԥжәара Урыстәыла Арбџьармчқәа рахь абџьари аџьаԥҳани мҩанызгоз арратә дәыӷбақәа рымҩасраан. Дара аанкылан аихамҩа иаҵарҵаразы иҵәахыз артҟәацгақәа анцәырыргоз.
Атеррористтә акт амҩаԥгареи атеррористтә усуреи рзы ашьаус хацыркуп. Дара нашьҭуп аамҭалатәи аанкыларҭахь.