Урыстәыла

WWF* аусура Урыстәыла иахәҭам ҳәа иазырыԥхьаӡеит

Азакәан инақәыршәаны аиҿкаара, зусура Урыстәыла иахәҭамкәа иԥхьаӡоу, атәылаҿы аусбарҭатә ҟәшақәа анаркыроуп, уаҳагьы аҿыцқәа аԥнамҵароуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Апрокуратура хада WWF* — Адунеизегьтәи аԥсабара афонд* аусура Урыстәыла иахәҭам ҳәа иаԥхьаӡеит ҳәа аанацҳауеит ахылаԥшратә усбарҭа апресс-маҵзура.

"Урыстәыла апрокуратура хада агәаҭарақәа ирылҵшәаны аӡбамҭа рыдыркылеит Урыстәыла аҵакыраҿы Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаара World Wide Fund for Nature* (World Wildlife Fund*, WWF* "Адунеизегьтәи аԥсабара афонд"*) (Швеицариа) аусура Урыстәыла иахәҭам", - ҳәа аҳәоит арелиз аҿы.

Аусбарҭа ахәшьарала Британиа Ду атәылауаҩ WWF* ахада Невил Исделл инапхгарала имҩаԥысуа аиҿкаара аусура аекономика аусхк аҟны Урыстәыла иаԥырхагоу аусурақәа хнаҩоит.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭоит, иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара ахьчара ҿарԥас иҟаҵаны, афонд Москва Арктика аганахьала имҩаԥнаго аполитика ишаҿагыло, "Аҩадатәи амшынтә мҩаду Америкатәи аекономикатә зонахь аҵаркра аҽшазнашәо. Уи адагьы WWF* аԥшьгамҭақәа рзырхоуп аенергетикатәи, анефҭи, агази рнаплак дуқәа русуреи хәы змоу аметаллқәа рыҵхырҭақәа аус рыдулареи.
Аиҿкаара иара убасгьы урыстәылатәи аилахәырақәа еиуеиԥшым аусхкқәа ҷыдала анефҭи агази, аметаллургиа, афымцамчеиҿкаара рҟны рекологиатә ҭакԥхықәра ареитинг шьақәдыргылоит. Убри аан арҭ ареитингқәа реиҿкаараан ахархәара рыҭоуп WWF* аус зыднаулаз астандартқәеи акритериқәеи. Азакәан инақәыршәаны аиҿкаара, зусура Урыстәыла иахәҭамкәа иԥхьаӡоу, атәылаҿы аусбарҭатә ҟәшақәа анаркыроуп, уаҳагьы аҿыцқәа аԥнамҵароуп, аинтернет ма АИХқәа рыла аинформациатә материалқәа аланамырҵәароуп. Азакәан аилагараз административтәи ашьауӷатәи ҭакԥхықәра иақәыршәахоит.
* Урыстәыла аҳәаанырцәтәи агентцәан иԥхьаӡоу аиҿкаарақәа.