Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Нхыҵ-Кавказынтә Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәарақәа рахь аофициалтә ныҟәарақәа мҩаԥган. Аделегациа алахәыла Лиалиа Чамагәаԥҳа иазгәалҭеит агәыҳалалратә фонд "Иаҳгәалашәоит" ахьӡала ишыҟаз, аха ацхыраара аҳәынҭкарра ишрынаҭаз.
"Раԥхьаӡа аҭаацәа ҳарҭааит Ҟабарада-Балкариеи Нхыҵ-Уаԥстәылеи инхоз. Уажәы ҳалагеит Ҟарачы-Черкесстәи ареспублика, Адыгатәыла. Ҳаҟан Аахыҵ-Уаԥстәыла, Чечентәыла. Уамашәа ибаны гәыкала иаҳԥылеит. Ҳаргьы ҭаацәацыԥхьаӡа ачашыла, ашьақар, аӡыхаақәа рызнаҳгеит. Раԥхьа ҳнеит Науржановаа рҭаацәарахь. Даара игәыҭшьааган аиԥылара, уамашәа ирбеит ҳнеира", - азгәалҭеит Чамагәаԥҳа.
Лиалиа Чамагәаԥҳа илҳәеит Ҟабарада-Балкариатәи ареспублика аҟынтә 67-ҩык иҭахаз аибашьцәа ранацәа рҟынтә 25-ҩык заҵәык шраку иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу. Адыгатәылаҟны аӡәы лыда зегьы рыдунеи рыԥсаххьеит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.