АҞӘА, рашәара 23 – Sputnik. Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа кьылак иҟаз арадиоактивтә маҭәашьар-цези-137 аҳәаа ахыгара зҽазызшәаз хәҩык ааныркалеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, агәызҩара зызрымаз ахаҿқәа амаҭәашьар аанархәоз аамҭазы раанкыларазы АШәМ амчратә цхыраара шарҭаз Урыстәыла ААР аусзуҩцәа.
"...ацәгьоуцәа ргәыԥ русура аҳәаанырцә аинтересқәа ирзырхан, дара ззин ыҟамыз кьылак арадиоактивтә маҭәашьар-цези-137 аахәареи Урыстәыла аҳәаа ахыгареи рҽазыршәеит, иааидкыланы 3,5 млн доллар рыхә ыҟан. Амаҭәашьар Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго аоперациа ҷыда аԥырхагахаразы ахархәара арҭараны иҟан", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Цези-137 ахархәара арҭар алшоит анырҵәаратә бџьарқәа рҟны, ари амаҭәашьар "иҟьшьу абомба" "иагәаларҵар" ҟалоит.
Иаанкылоу рҿахәы рҿырхоит, ашьаус хацыркуп закәаншьаҭада арадиоктивтә маҭәашьарқәа рхархәареи рконтрабандеи рзы.