Арадио

Ҷыҭанаа Аԥсны аԥсабаратә ҭыԥхьыӡқәа рзы: ари нахыс аԥсышәала ицәажәалоит

Аԥсны аԥсабареи аекологиеи аҳәынҭқарратә хеилак аиҳабы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аҟны дырзааҭгылеит ҳтәылаҿы ҿыц иаадыртуа аԥсабаратә ҭыԥқәеи, аҳаԥқәеи рыхьӡқәа ԥсышәала ицәажәарц имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.
Sputnik
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба ажәалагала ҟаиҵеит Александр Веревкин иҳаԥы Фазиль Искандер ихьӡ ахҵазарц.
"Урыстәыла аспелеологцәа рхеилак аҿы азҵаара ықәҳаргылеит, ари нахыс ҳара ҳхеилак аламкәа аҳаԥы ахьӡ аҭара азин ыҟаӡам ҳәа. Иаарту аҳаԥқәа рыхьӡқәа ҭагалоуп адунеи Жәларбжьаратәи асиа, уи шьҭа ныхшьа амаӡам. Шьҭарнахыс иаадыртуа аҳаԥқәа рыхьӡқәа аԥсышәала иҟаҵатәуп. Ааигәа, Аԥсны аус зуаз аурыс клуб иаадыртыз аҳаԥқәа ртәы зҳәо ашәҟәы шьҭоуп ахеилак аҿы, урҭ ахьӡқәа рымаӡам. Даргьы ҳаргьы ҳааидтәаланы ираҳҭароуп. Ҳара ҳҿы ишыҟоу еиԥш даҽа тәылак аҟны иҟаӡам. Аԥсышәала ицәажәо ахьӡқәа рыхҵахоит, ус еибаҳҳәеит", - азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.
Аԥсны аԥсабареи аекологиеи аҳәынҭқарратә хеилак аиҳабы иҳәеит, ҳтәылаҿы имҩаԥысуа аекспедициақәа аԥсуаа алархәны рымҩаԥгара ргәы ишҭоу.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.