Беслан Абҳазоу 11 шықәса ҵуеит амшын аҟәара қьырала иганы аус иуеижьҭеи, ашәарҭадара аус аҵакы ибзианы идыруеит.
"Аԥсуа исас дизхәыцуан еснагь, ҳәарада, ишәарҭадарагьы аԥхьа игылазароуп. Амшын аҵа гәарҭоит аспециалистцәа есышықәса. Уи анаҩс иҳамоуп ҳхатәы ӷба хәыҷык, аԥсеиқәырхаҩцәа ҩыџьа аус руеит", - еиҭеиҳәеит Абҳазоу.
Аусдкылаҩ иҳәеит, ауааԥсыра ршәарҭадара аиҿкааразы ахарџь рацәа аҭахызаргьы уи шхымԥадатәиу.
"Ауаа рыԥсы ршьарц иааит, ахәыҷқәа рхы ианақәиҭу ыҟоуп, аҭаацәа рылаԥш анырхым, усҟан дара рзы аҭакԥхықәра схахьы изгоит, уи азы ауаҩы даҭахуп. Ауалафахәы анаҩс, еиҭа шәахтә ҳасабала жә-усбарҭак аԥара раҳҭоит", - еиҭеиҳәеит Абҳазоу.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.