АҞӘА, рашәара 24- Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылантәи иаауа атранспортқәа русура еиԥҟьеит ҳәа адырра ыҟаӡам, абри атәы иҳәеит аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб.
"Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аԥкрақәа алагалахоит ҳәа адырра ыҟам, аихамҩаҟны аума, амашьынақәеи ашьаҟауааи рымҩақәа рҟны аума. Ус иҟазаауеит ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит иара.
Уи аԥхьа, Аԥсны аихамҩақәа адырра ҟарҵеит адәыӷбақәа зегьы раамҭеихша инақәыршәаны иааит ҳәа.
Амқәаб иажәақәа рыла, Урыстәыла ақалақьқәа рҟынтәи Аԥсныҟа апассаџьырцәа ааргоит ахеилакқәа маҷымкәа, аха урҭ уадаҩрак рызцәырҵит ҳәа адырра ыҟам.
Асоциалтә ҳақәа рҟны аинформациа цәырҵит ЧВК "Вагнер" атыл ала ртәарҭақәа бџьарла иажәлеит ҳәа. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ари аинформациа ҵабыргым ҳәа ахырҳәааит. Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Пригожин иганахьала УАЗ 279 ахәҭаҷ ала ашьаус хацнаркит.
Урыстәыла ахада Владимир Путин урыстәылауаа рахь иааԥхьараҿы иазгәеиҭеит, атеррористә методқәа ахархәара рыҭаны бџьаршьҭыхла аиҿагылара аԥшьгара згәы иҭаз- ҳзакәани ҳажәлари рҿаԥхьа иахьырхәхоит ҳәа.