Урыстәыла

Гаглоев ЧВК "Вагнер" иалоу аитәылауаа аҿагыларақәа рхы аладмырхәырц ааԥхьара ҟаиҵеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев ЧВК "Вагнер" иалоу аитәылауаа аҿагыларақәа рхы аладмырхәырц ааԥхьара ҟаиҵеит, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
"ЧВК "Вагнер" иалоу стәылауаа рахь ааԥхьара ҟасҵоит азакәан иаҿамгыларц. Урыстәылеи, уи иаҩызоу атәылақәеи ҳзы иуадаҩу аамҭазы, ҳаԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш ҳазхәыцны ҳаидгылароуп", - иҳәеит Гаглоев.
Уи аԥхьа асоциалтә ҳақәа рҟны аинформациа цәырҵит ЧВК "Вагнер" атыл ала ртәарҭақәа бџьарла иажәлеит, аԥсҭбарақәа рацәоуп ҳәа.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ари аинформациа ҵабыргым ҳәа ахырҳәааит. Урыстәыла ахада Владимир Путин урыстәылауаа рахь иааԥхьараҿы иазгәеиҭеит, атеррористә методқәа ахархәара рыҭаны бџьаршьҭыхла аиҿагылара аԥшьгара згәы иҭаз- ҳзакәани ҳажәлари рҿаԥхьа иахьырхәхоит ҳәа.
Урыстәыла
Путин: Урыстәылатәи Арбџьармчқәа аиҿагылара аԥшьазгаз рырԥсыҽразы адҵа рыҭоуп