АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа аиҿагылара аԥшьазгаз рырԥсыҽразы адҵа рыҭоуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
"Идырны ачарҳәара амҩа ианылаз, атеррористә методқәа ахархәара рыҭаны бџьаршьҭыхла аиҿагылара аԥшьгара згәы иҭаз- ҳзакәани ҳажәлари рҿаԥхьа иахьырхәхоит", - иҳәеит Путин.
Урыстәыла атәылауаа - "Вагнер" аибашьцәа аоперациа ҷыда иалахәу зегьы фырхацәоуп, аха дара рыхьӡи-рыԥшеи ачарҳәара рзыруит аиҿагылара аԥшьызгаз, иҳәеит ахада.
Путин иажәақәа рыла, Урыстәыла ахьыԥшымреи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши иазықәԥоит. Ажәлар рлахьынҵа аӡбра аамҭазы аҩнуҵҟа иҟоу аибырххарақәа наҟ инахатәуп.
Ахада иҳәеит Урыстәыла зҭагылоу -ари ҩнуҵҟатәи чарҳәроуп, атәылеи ажәлари риҭироуп.
"Урыстәыла ахада, ар рхада, Урыстәыла атәылауаҩ раҳасабала ҳтәылеи, ҳаԥсҭазаареи, ҳшәарҭадареи, ҳтәылауаа рхақәиҭреи рыхьчаразы исылшо зегьы ҟасҵоит. Бџьаршьҭыхла аиҿагылара аԥшьазгаз- Урыстәыла рҭиит. Уи азы аҭак ҟарҵароуп",- иҳәеит Путин.