Урыстәыла

Аԥара-хсаалага "Мир" Венесуела ухы иауырхәар алшоит

Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "Мир" иалархәуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik. Урыстәылатәи аԥара-хсаалага "Мир" Венесуела ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа ртерминалқәа рҿы ухы иауырхәар алшоит, аусурақәа цоит уи еиҳа инарҭбааны ахархәаразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости асистема апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.
"Урыстәылатәи аԥара-хсаалага "Мир" Венесуела ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа ртерминалқәа рҿы ухы иауырхәар алшоит, аусурақәа цоит абанкқәа рҿы уи еиҳа инарҭбааны ахархәаразы", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Ареспублика Абанк хада аиҳабы Каликсто Хосе Ортега Санчес рашәара 15 рзы Петербург имҩаԥысуаз аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны РИА Новости аинтервиу аҭо иҳәеит, Венесуела аҽшазнашәо 30% атәыла аԥарашәаратә терминалқәа рҿы "Мир" ахархәара аиурц азы.
Урыстәылатәи аԥарашәаратә система аус ауеит: Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ҭырқәтәыла, Виетнам, Аладатәи Кореиа, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Таџьикистан, Узбекистан. Иазҿлымҳауп: Иран, Индонезиа, Мианма, Египет, Таиланд, Индиа, Венесуела, Маврикиа, Нигериа, Ефиопиа.
Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" асистема "Мир" иалархәуп. "Мир" ахьрыдыркыло атәылақәа зегьы рҿа аԥснытәи ахсаалагақәа аус руеит.