Аԥсны ашколхәыҷқәа рыбжьара ажәафтәи ареспубликатә спартакиада хыркәшоуп. Шаҟаҩы уи рхы аладырхәыз, шаҟа хкы рыла еиндаҭлоз, махашьахала ахәыҷқәа ахьынӡаӷәӷәоу, аспортхкқәа иахьынӡарзыҟаҵаз, аицлабрақәа сынтәатәи рылҵшәақәа ртәы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны аҵара аминистрра абҩарҵәыреи аспорти рыҟәша аиҳабы Аслан Ҭаркьыл.
Аԥсны ашколхәыҷқәа рыбжьара ажәафтәи ареспубликатә спартакиада мызкы имҩаԥысуан. Иара азкын 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира агара 30 шықәса ахыҵреи Аԥсны аҳәынҭқарра ахьԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аиуеижьҭеи 15 шықәса аҵреи. Аспартакиада мҩаԥысуан 14 спортхкы рыла: атлетика ласы, ашахмат, амҵәышәымпыл, анапылымпыл, аҭачкәымҟьара, адзиудо, зхы иақәиҭу ақәԥара, асамбо, атлетика хьанҭа, ашьапылымпыл, аԥсуа милаҭтә хәмарра ахыци ахәымпали рыла ахысра, ашьапылымпыл маҷ. Аспартакиада ҩ-хәҭакны ишан. Ақалақьқәеи араионқәеи рҵара аҟәшақәа рнапхгарала имҩаԥган араионтәи ақалақьтәи аспартакиадақәа. Урҭ рҟны иалкаахаз рыла ишьақәыргылан еизгоу акомандақәа ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭаркьыл. Иара иазгәеиҭеит аиԥш зеиԥшу аицлабра 2019 шықәса аахыижьҭеи ишымҩаԥырымгацыз апандемиа иахҟьаны. Аицлабрақәа ирылахәын 1000-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа.
"Абри ачымазара (COVID-19 – азгәаҭа) иахҟьаны иубаратәы иҟоуп алҵшәақәагьы, азыҟаҵарақәагьы иаҳа ишхьысҳаз. Хышықәса ахәыҷқәа рҽазыҟарҵаӡомызт", - иҳәеит Ҭаркьыл.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.