Урыстәыла

Минводы аҳаирбаӷәаза адыркит аҵԥрааратә цәаҳәа ахьбжьысыз инамаданы

Минводы рахь иԥыруаз аҳаирпланқәа дәықәҵоуп Махачкала, Грозныи, Владикавказ, Ставропольҟа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik. Минводы аҳаирбаӷәаза аҟынтәи аҵԥраареи адкылареи аанкылоуп аԥырратә цәаҳәа ахьбжьысыз инамаданы ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.

"Минводы аҳаирбаӷәазаҿ асааҭ 17:59 рзы аԥырра-атәарҭа цәаҳәаҟны абетонтә хаҳә ҟьаԥс шьшьеит. Уи зыхҟьаз ҳәа иҟоу иҟалаз ашоуроуп", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Иазгәаҭоуп, аԥхасҭа зауз аԥырратә цәаҳәа аиҭашьақәыргылареи аҳаирпланқәа русуреи рзы нап шадыркыз аҳаирбаҳәаза аусбарҭақәа.
Аԥырра-атәарҭа цәаҳәа еиҭашьақәыргыланы ҩаԥхьа аусура ахацыркра азгәаҭоуп асааҭ 23:00 рзеиԥш.