Урыстәыла

Путин: иарбан еилаҩынтразаалак аилабгара ауп лахьынҵас иаиуа

Владимир Путин Урыстәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik. Иарбан еилаҩынтразаалак аилабгара ауп лахьынҵас иаиуо ҳәа иҳәеит Владимир Путин урыстәлауаа рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҿ.

"Инаҵшьны иазгәасҭоит: ахҭысқәа аханатә ишрылагаз еиԥшҵәҟьа, иҟалар зылшоз ашәарҭара аԥырҟәҟәааразы, аконституциа ишаҳәо ала ҳауаажәлар ршәарҭадараз ихымԥадатәиз аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Арратә қәгылара хымԥада ишьаҽхон", - ҳәа иҳәеит Путин.

Урыстәыла ахада урыстәылауаа ҭабуп ҳәа реиҳәеит рҽынкылареи, раӡәыкреи, рпатриотизми рзы.
"Ауаажәларра, апартиақәа, адинхаҵаратә еиҿкаарақәа зегьы аконституциатә ԥҟарақәа адгылара арҭеит", - иҳәеит ахада.
Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, ақәгылаҩцәа асолдаҭцәа дара-дара еибашьыр акәын ирҭахыз, уи аҩызаҵәҟьа ҟалоит ҳәа иазыԥшын Киевгьы.
"Ақәгылара аиҿкааҩцәа, ацәгьа шыруоз, атәыла анҭыҵынтәи ашәарҭара ишҭадыргылоз, ишеиҟәыршоз абарҭқәа зегьы ишеилыркаауаз иҟарҵеит. Афронт аҟны "шьаҿак ҳашьҭахьҟа ҳхьаҵуам!" ҳәа рҩызцәа анҭахо аамҭазы", - ҳәа иҳәеит Путин.
Урыстәыла
Путин: Урыстәылатәи Арбџьармчқәа аиҿагылара аԥшьазгаз рырԥсыҽразы адҵа рыҭоуп
Владимир Путин иқәгылараҿ "Вагнер" аибашьцәа ирыдигалеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҟны аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц, рыҩныҟа ихынҳәырц, мамзаргьы Белоруссиаҟа ииасырц. Иара убасгьы агәыӷра ааирԥшит "урыстәылатәи аибашьҩы зыгха бааԥс еилызкааз" иара иалихуа имҩа шакәхо.
Иара убасгьы иҳәеит, иҭахаз аԥырҩцәа-фырхацәа Урыстәыла ашәарҭадараз рхы ишамеигӡаз.
Владимир Путин Белоруссиа ахада Александр Лукашенко ҭабуп ҳәа еиҳәеит, Урыстәыла ақәгыларақәа рзы иҟаз аҽазышәара аҭышәнартәалараз иҟаиҵаз илагалаз.
Урыстәыла
Пригожин "Вагнер" Москваҟа рнеира аанкылазарц Лукашенко иажәалагала идикылеит