Аԥсны

Аҟазаратә-класс "АИХқәеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи" мҩаԥгахоит Sputnik аҿы

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik арккаратә проект SputnikPro аҟазаратә-классқәа ирыцнаҵоит.
Sputnik
Аԥшьаша, рашәара 29 асааҭ 11:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахоит апрограмма SputnikPro амодуль ҿыц "АИХқәеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи".

Аҟазаратә-класс мҩаԥигоит Игор Мазунин – амедиагәыԥ "Россия сегодня" аинформациатә технологиақәа рдирекциа аҟаза. Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа ирзеиҭаҳәахоит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла афото-видео ҭыхымҭақәа рыҟаҵара аҷыдарақәа.

Апроект иалахәхар рылшоит Аԥсны АИХқәа русзуҩцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, ААУ аиҳабыратә курсқәа рыстудентцәа.
SputnikPro — ааигәатәи аҳәаанырцә ажурналистцәа рзы имҩаԥырго рккаратә проект ҷыдоуп. Апроект SputnikPro урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии иреиӷьу амедиаменеџьерцәа, ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, аиҳабыратә курсқәа рыстудентцәа уҳәа имҩаԥырго асеминарқәеи, амастер-классқәеи, алекциақәеи ирсистемоуп.
SputnikPro асессиақәа рҿы ирылацәажәоит ажурналист изанааҭ еиуеиԥшым аспектқәа, амультимедитә контент аҿиареи асоциалтә ҳақәа рҿы аусуреи налаҵаны. SputnikPro арҵаратә модульқәа мҩаԥысхьеит 24 тәыла рҿы: Ермантәыла инаркны Индианӡа, Бырзентәыла инаркны Китаинӡа. 2018 шықәса хәажәкырамзаахыс SputnikPro аҟазаратә-классқәа ирылахәхеит 6000–ҩык рҟынӡа азыӡырыҩцәа 80 ҳәынҭқарра рҟынтәи.