Урыстәыла

Лукашенко Урыстәыла иҟоу ахҭысқәа ҳасаб рзуны ар рҽаздырхиарц рылеиҳәеит

Урыстәылааи беларусааи Рыԥсадгьыл акоуп, убри азоуп абеларусқәа Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа гәҭынчымрыла изрыдыркылаз иҳәеит Александр Лукашенко.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik. Белоруссиа ахада Александр Лукашенко Урыстәыла иҟоу ахҭысқәа ҳасаб рзуны ар рҽаздырхиарц рылеиҳәеит ҳәа аанацҳауеит Telegram-канал "Пул Первого", аполитик Минск иқәгылара шьаҭас иҟаҵаны.
"Урыстәылатәи ахҭысқәа раан адҵа ҟасҵеит ҳар инагӡаны рҽырхианы иҟазаарц. Аӡәгьы уи мап ацәкуа ахҳәаа аимҭеит, а-Telegram-каналқәа инадыркны. Ҭаацәароума, дыԥҳәысума, дхаҵоума – аӡәгьы. Ар, амилициа, амчра ҷыдақәа шьыбжьаанӡа арратә ҭагылазаашьа иазырхианы иқәыргылан", - иҳәеит иара.
Аполитик иазгәеиҭеит Урыстәыла имҩаԥысуаз угәы унамырхьыр шамуаз.
"Ҳтәылауаа реиҳараҩык ргәаҵанӡа инаргеит. Избанзар Ҳаԥсадгьыл акоуп. Брест инаркны Владивостокынӡа — ҳадгьыл, ҳажәлар роуп инхауа. Аҭоурых иадыруеит абеларусцәа рыԥсадгьыл шырыхьчо. Ҳара иарбанзаалак ауадаҩрақәа ҳариааиуеит", - иҳәеит Лукашенко.