Урыстәыла

Минводы аҳаиртә баӷәаза аусура еиҭахацнаркит

Минводы аҳаирбаӷәаза аҟынтәи аҵԥраареи адкылареи аанкылан аԥырратә цәаҳәа ахьбжьысыз инамаданы ҳәа адырра ҟаҵан ашәахьаҽны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Минводы аҳаиртә баӷәаза аусура еиҭахацнаркит атәара-шьҭыԥрааратә цәаҳәа аҭыԥ ианықәырҵа ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.
"Минводы аҳаиртә баӷәаза аусура еиҭахацнаркит атәара-шьҭыԥрааратә цәаҳәа аҭыԥ ианықәырҵа ашьҭахь. Уажәазы иара аҳаирпланқәа рыдкылареи рдәықәҵареи иазыхиоуп. Аԥыррақәа еиҭахацыркхеит москватәи аамҭала асааҭ 21:30 рзы (рашәара 26 - аред.)", - аҳәоит адырраҭараҿы.