Урыстәыла

Путин аруаа рахь: аграждантә еибашьра аанышәкылеит

Аруаа рыгәаӷьреи рфырхаҵареи иабзоураны, урыстәылатәи ауаажәларра иаадырԥшыз аидгылара инаваргыланы, бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара аԥырҟәҟәаахеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 - sputnik. Бџьаршьҭыхла ақәгылара иаҿагылаз аруаа аграждантә еибашьра ааныркылеит ҳәа иҳәеит атәыла ахада Владимир Путин.
"Аконституциатә шьақәгылара, атәылауаа рыԥсҭазаара, ршәарҭадара, рхақәиҭра шәыхьчеит. Ҳаԥсадгьыл аамҭа цәгьақәа ирылыжәгеит, аграждантә еибашьра аԥшәырҟәҟәааит. Иуадаҩыз аҭагылазаашьаан ҳәоуеиқәшәала шәус ҟашәҵеит, Урыстәылеи иара ажәлар рҿаԥхьа шәырратә уалԥшьа нашәыгӡеит, атәыла алахьынҵеи уаҵәтәи амши рзы аҭакԥхықәра шәаҵагылеит", - ҳәа иҳәеит Путин амчратә еилазаарақәа рахь ихы нарханы.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аррамаҵзурауаа, Росгвардиа, АШәМ, ААР, АШәМ русзуҩцәа ақәгылара ишаҿагылаз, аамҭа уадаҩ аан рхы ишамеигӡаз. Путин иажәақәа рыла, дара рҳәоуеиқәшәара арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҟынтәи ауаа рыиагара аҭахымкәа иҟанаҵеит.
Ахада аруаа рахь ихы нарханы иҳәеит рашәара 24 ауха иҭахаз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәарц.
Рашәара 24 ауха, Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) "Вагнер" ирымпыҵархалеит Ростов-на-Дону ақалақь аҟны иҟоу Аладатәи аррратә штаб. Ари ҟалеит, урыстәылатәи аруаа "Вагнер" ар ахьгылоу аҭыԥқәа рыҟны атылтә аракета-бомбатә ааха рырҭеит ҳәа Пригожин иҟаиҵаз аҳәамҭа ашьҭахь. Ари аҳәамҭа ҿаԥырҽит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иара убас АШәМа.
Владимир Путин "вагнераа" рхымҩаԥгашьа чарҳәроуп ҳәа ахиҳәааит, Пригожин еиҿикааз арратә қәгылараз, иганахь ала ашьаус хацыркын. Адырҩаҽны Белоруссиа ахада ипресс-маҵзура иаанацҳаит, Александр Лукашенко Евгени Пригожини иареи аицәажәара шымҩаԥигаз, уи иалҵшәаны Ахатәы арратә еилахәыра (ЧВК) анапхгаҩы дшақәшаҳаҭхаз "Вагнер" аибашьцәа ԥхьаҟа рцара шаанкылахо азы.
Урыстәыла
Лукашенко Урыстәыла иҟоу ахҭысқәа ҳасаб рзуны ар рҽаздырхиарц рылеиҳәеит