Урыстәыла

Шәача анапхгара алаҳәара ҟарҵоит ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны аӡқәа хыҵыр ҟалоит ҳәа

Аоперативтә штаби ақалақь амаҵзурақәеи русура дырӷәӷәеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik. Шәача иахьаҵанакуа иҟоу аӡиасқәа шьҭыҵыр ҟалоит аҩашанӡа илеираны иҟоу ақәаршыҩқәа ирхырҟьаны, иҟалар алшоит адгьылҳәазарақәа ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
"Аметеорологцәа ишырҳәо ала, рашәара 27 ауханӡа Шәача иахьаҵанакуа амшцәгьақәа ҟалоит, адыд-мацәыси рыцны. Аӡиасқәа хыҵыр алшоит ишәарҭоу аҭагылазаашьаҟынӡа. Иҟалоит аҳәынҵәаршьшьы леир", - ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.
Ақалақь ауааԥсыреи атуристцәеи аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭа ҭыԥқәа алрымхларц рабжьыргоит.