Аԥсны

Аҟәа алашара ахьыҟам арезервтә цәаҳәақәа рыла инарышьҭуеит

Аҟәа ахәҭак Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхеит астанциа маҷ "ИЭПиТ" амца ахьакыз азы ахаша, рашәара 28 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа агәаны астанциа маҷ "ИЭПиТ" амца андырцәа ашьҭахь алашара ахьыҟам арезервтә цәаҳәақәа рыла инарышьҭуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеихәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал.
"Амца анҳарцәалак ашьҭахь ақалақь егьырҭ астанциа маҷқәа раԥшьра ҳалагоит. Уажәы лашарада иаанханы иҟоуп "ИЭПиТ" зегьи Аҟәа агәи", - иҳәеит иара.
Џьынџьал иажәақәа рыла, амцакра зыхҟьаз макьана еилкаам. Хара имгакәа уи аҭҵаара иалагоит.
АҶА апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, абылра ҟалеит ҳәа аусбарҭахь адырра роуит рашәара 28 асааҭ 12:08 рзы. Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба.