Аԥсны

Афымцацәаҳәақәа реиқәылара иахҟьаны астанциа маҷ "ИЭПиТ" амца акызар ҟалоит

Аҟәа ахәҭак сааҭқәак лашарада иҟан астанциа маҷ "ИЭПиТ" амца ахьакыз азы ахаша, рашәара 28 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, астанциа маҷ "ИЭПиТ" аҟны атрансформатор амца акит афымцацәаҳәақәа реиқәылара иахҟьаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал.
"Атрансформатор 50 шықәса раҟара ахыҵуеит. Амаругақәа зегьы ажәхьети. Астанциа маҷ ареконструкциа аҭахуп. Амцакра иахҟьаны атрансформатор аԥхасҭа ӷәӷәа аиуит, аха гәыӷрак ыҟоуп макьана. Уаҵәы иара аремонттә цех ахь иганы аҭагылазаашьа анализ азаҳуеит", - иҳәеит иара.
Џьынџьал инаҵшьны иазгәеиҭеит ари амаруга ахә шыцәгьоу, аха атрансформатор ҿыц аахәатәхоит ҳәагьы агәҩара имоуп.
Иара иазгәеиҭеит Аҟәа алашара ахьыҟамыз арезервтә цәаҳәақәа рыла инарышьҭит ҳәа.
"Аҟәа агәы макьана егьырҭ астанциа маҷқәа рҟынтәи алашара аиуеит. Абыржәы ааигәаӡа астанциа маҷ "ИЭПиТ" аҿы иҟоу атрансформаторқәа ҩба рахьтә акы аҿаҳкит, ҳлабораториа афымцамҩангагақәа ԥнашәоит, алшара ҳаур, афидерқәа иахьа иаҿаҳкуеит", - инаҵишьит иара.
Аҟәа ахәҭак сааҭқәак лашарада иҟан астанциа маҷ "ИЭПиТ" амца ахьакыз азы ахаша, рашәара 28 рзы. Уи дырцәон АҶА амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба.
Аԥсны
Аҟәа алашара ахьыҟам арезервтә цәаҳәақәа рыла инарышьҭуеит