Аныҳәа хацыркын анамаз ала, хымш ирылагӡаны доусы иқәу икурбан шьны аҭыԥ иқәиҵароуп ҳәа азгәеиҭеит Џьуӷьелиа арадиоефир аҿы.
"Анамаз цәыкьа изыҟаҳҵо уи азоуп, нас досу иҩнаҭақәа рахь дцаны, акәырбан иқәу шьны, зегьы дрыхьӡаратәы. Досу икәырбан ахԥатәи ахәҭа – арыцҳа изоуп, уи ԥҟараны иҳамоуп. Иаҳдыруа ауаа ираҳҭоит. Иааизакны ацхыраара шьоукы ирзыҟаҳҵаратәы ҳәа аҭагылазаашьа ҳамаӡам. Аныҳәа ԥшьымш имҩаԥысуеит. Хымш аамҭа умоуп ушьтәақәа рҭыԥ рықәҵаразы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьуӷьелиа.
Аԥсылман изы иԥшьоу ақалақь Мекка атәы далацәажәауа, Џьуӷьелиа иҳәеит, знык уахь ацара шилиршаз, аха уи иаанагаӡом имцац иҿаԥхьа ԥыжәарак имоуп ҳәа.
"Мекка амсылманра ахьҿиаз иԥшьоу ҭыԥуп ҳәа иԥхьаӡоуп, Ҳазшаз иашьапкразы раԥхьатәи ҭыԥны иалхын. Аҭоурых аԥшьара иацу азы, угәы хыҭхыҭуа уҟанаҵоит, аха уи иаанагаӡом ицан иааз иаҳа ԥыжәарак имоуп ҳәа. Ари уара уҩнуҵҟатәи адунеи азоуп. Алшара сымазҭгьы, имцац аӡә дсышьҭуан аныҳәазы", – ҳәа иҳәеит Џьуӷьелиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.