Аҵарауаҩ Александр Скаков иԥсҭазаара далҵит илаҽыз ачымазараҟынтәи 53 шықәса дшырҭагылаз. Иара аԥсуа археологцәа дрывагылан аус иуан 22 шықәса инарзынаԥшуа. Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы илагалеит иуаҩышьеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Аркади Џьопуа.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Александр Скаков аԥснытәи иколлегацәеи иареи археологиатә жрақәа мҩаԥыргон Очамчыра араион аҿы анкьа иҟаз антикатәи ақалақь Гиуенос аҿы. Cынтәагьы ажрақәа рыцҵаразы Аԥсныҟа даараны дыҟан.
"Амза алагамҭаз ҳалагаран ҳаҟан аекспедициа. Урыстәылантәи иаауа аспециалистцәа рҟынтә иара дырхадан. Еиҿкааны иҳамаз аекспедициа хыбгалеит, ҳабӷа архьанҭеит, избанзар, аспециалист, ауаҩ бзиа, аҵарауаҩ дуӡӡа, Аԥсны азы исылшо ала ак ҟасҵап ҳәа зҳәоз, иахьа-уаҵәы иаауеит ҳәа ҳаззыԥшыз, аҭел исзасны дыԥсит ҳәа ансарҳәа, саҟара сылӡааит. Аекспедициа аԥхьатәи алҵшәа сыздырым… Даара ауаҩ бзиа дҳалԥсааит, ҳҿахәы зҳәоз", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.